Агәашьақәеи ахыргьагьақәеи рыла иҩычоу: Гәдоуҭатәи авокзал аҭагылазаашьа

Sputnik
Гәдоуҭатәи аихамҩатә аангыларҭа ахыбра ахархәарахь ирыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз, 1944 шықәсазы. Ахыбра ргылоуп "сталинтәи ампир" астиль ала, авокзал ҩычоуп агәашьақәеи, ахыргьагьақәеи, авитражқәеи рыла.
30 шықәса раахыс Гәдоуҭатәи авокзал гәыгәҭыжьхеит. Ахыб ақәа кылсуеит, аҭыӡқәа ԥхасҭахоит. Иахьатәи аамҭазы авокзал ахәҭак ауп аус зуа.