Орнелла илҳәеит аҵаҩцәа ашәҟәқәа ашкол аҿы ишрыҭахо атәы арадио амҩаԥгаҩ лҟынтә раԥхьаӡа акәны ишлаҳауа. Уи ажәабжь даара деигәырӷьеит.
"Ажәабжь иахьада исмаҳацызт. Ас иҟалар, уи даара ихазынахоит, избанзар, 2-3 ҩык ахәыҷқәа ахьыҟоу ашәҟәы аахәара зынӡагьы имариаӡам. Ашықәс алагамҭаз ахәыҷқәа реиқәыршәара уаналаго аамҭазы ашәҟәқәа уҟәырхыр, уи хазынахоит. Зынӡа иҿыцым ашәҟәқәа 700 мааҭ иаԥсоуп, иҿыцу – 1000 инареиҳаны. Ашәҟәқәа рахьынтә иҟоуп зыԥшаара мариам, ҳгәаҟуа ҳашьҭоуп ашықәс алагамҭазы еснагь, даара имариам усуп", - еиҭалҳәеит Амҷыԥҳа.
Орнелла далацәажәеит ашәҟәқәа еиқәырханы ҵаҩык иҟынтә даҽа ҵаҩык иахь ииасыртә еиԥш ҭакԥхықәрас иду атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.