Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит атерроризм аҿагылараз ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа атерроризм аҿагылараз архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа рыҟны ишарбаз ала, адиверсантцәа архәҭа ахьгылоу аҵакыра ақәлара рҽазыршәеит арратә ҵәахырҭақәа аминақәа рыҵаҵан иԥыржәарц.
Ашәарҭарардыррала идыргылаз аруаа оперативла рнапынҵақәа рынагӡарҭа аҭыԥ ахь инеит, "аӷа" икәшеит, ажәылара аԥырҟәҟәааны арратә ҵакырақәа рыхьчара алдыршеит.
Аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рыҭан адырратә ракетақәа, иҭацәу аџьаԥҳаны, аиԥшзааратә хеиҵаҵақәа.
Ауснагӡатә иалахәын шәҩык рҟынӡа аруаа, 10 акк арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡ транспортиорқәа БТР-82А, акәылӡ автомашьынақәа КамАЗ-5350 "Мустанг " назлоу.
Атеррорист ҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит аррамаҵзурауаа разыҟаҵара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыӡбараан иахьынӡахиоу агәаҭаразы.