https://sputnik-abkhazia.info/20220527/asny-iou-urystylati-aruaa--arkha-iazhloz-adiversanttsa-khartseit-1039281742.html
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит
Sputnik Аҧсны
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит атерроризм аҿагылараз ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны. 27.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-27T18:37+0300
2022-05-27T18:37+0300
2022-05-27T18:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037774802_0:63:1201:738_1920x0_80_0_0_684aedaed430b6988c48df80e8d07071.jpg
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа атерроризм аҿагылараз архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.Аҽазыҟаҵарақәа рыҟны ишарбаз ала, адиверсантцәа архәҭа ахьгылоу аҵакыра ақәлара рҽазыршәеит арратә ҵәахырҭақәа аминақәа рыҵаҵан иԥыржәарц.Ашәарҭарардыррала идыргылаз аруаа оперативла рнапынҵақәа рынагӡарҭа аҭыԥ ахь инеит, "аӷа" икәшеит, ажәылара аԥырҟәҟәааны арратә ҵакырақәа рыхьчара алдыршеит.Аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рыҭан адырратә ракетақәа, иҭацәу аџьаԥҳаны, аиԥшзааратә хеиҵаҵақәа.Атеррорист ҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит аррамаҵзурауаа разыҟаҵара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыӡбараан иахьынӡахиоу агәаҭаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/19/1037774802_66:0:1133:800_1920x0_80_0_0_10774c8461989244082bb478586ea26d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит атерроризм аҿагылараз ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа атерроризм аҿагылараз архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа рыҟны ишарбаз ала, адиверсантцәа архәҭа ахьгылоу аҵакыра ақәлара рҽазыршәеит арратә ҵәахырҭақәа аминақәа рыҵаҵан иԥыржәарц.
Ашәарҭарардыррала идыргылаз аруаа оперативла рнапынҵақәа рынагӡарҭа аҭыԥ ахь инеит, "аӷа" икәшеит, ажәылара аԥырҟәҟәааны арратә ҵакырақәа рыхьчара алдыршеит.
Аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рыҭан адырратә ракетақәа, иҭацәу аџьаԥҳаны, аиԥшзааратә хеиҵаҵақәа.
Ауснагӡатә иалахәын шәҩык рҟынӡа аруаа, 10 акк арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡ транспортиорқәа БТР-82А, акәылӡ автомашьынақәа КамАЗ-5350 "Мустанг " назлоу.
Атеррорист ҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит аррамаҵзурауаа разыҟаҵара, рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рыӡбараан иахьынӡахиоу агәаҭаразы.