Аԥсны

Аԥснытәи аушьҭымҭацәа рзы ААУ имҩаԥнагаз аолимпиада аихшьаалақәа еилкаахеит

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет еиҿнакааз аолимпиада "Аҩаӡарақәа рахь амҩа" иалахәын ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи 310-ҩык ашколхәыҷкәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет еиҿнакааз аолимпиада "Аҩаӡарақәа рахь амҩа" аҟны аиааира ргеит 58-ҩык аушьҭымҭацәа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит адкыларатә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа.

"Аолимпиада "Аҩаӡарақәа рахь амҩа" иалахәын ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи 310-ҩык ашколхәыҷкәа. Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа инапы зҵеиҩыз аихшьаалатә шәҟәы инақәыршәаны 22-ы аиааира ргеит, аҽа 22-ы аҩбатәи аҩаӡара аԥхьахә згаз ҳәа иазгәаҭоуп, 14-ҩык ахԥатәи аҩаӡара", - лҳәеит лара.

Арӡынԥҳа лажәақәа рыла дара зегьы 70 балл еиҵамкәа изауз роуп, ААУ ахь аԥышәарақәа рымҭир ҟалоит.
Аԥсны
Аԥснытәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит Аԥсны ААР ацхыраарала
Аолимпиадаҿ иаиааиз ирабжьгоуп абиуџьет шьаҭала ауниверситет аҭалара. Аҩбатәи ахԥатәи аҩаӡарақәа ирыҵанакыз – абиуџьет шьаҭала ма аԥарашәаратә шьаҭала иҟоу аҭыԥқәа ирхьырԥшны ҳәа лҳәеит акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ.

"Абиуџьеттә ҭыԥқәа ахьазхо афакультетқәа рҿы аҩбатәи ахԥатәи аҩаӡарақәа ирыҵанакыз ирабыжьгахоит абиуџьет ала аҵараҵара. Абиуџьет ҭыԥ ахьазымхо афакультетқәа рҿы, "Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа" аиԥш иҟоу рҿы уахь иахырыԥхьаӡало иаиааиз рымацара роуп", - лҳәеит лара.

Аолимпиада апрограмма ашколтә программа шьаҭас иамоуп.
Арӡынԥҳа иазгәалҭеит аолимпиада хықәкыс ишамоу аҟыбаҩ змоу аҿар рыԥшаара, рзанааҭтә хырхарҭа алхраан ацхыраара рыҭара.
Раԥхьаӡа акәны апроект 2019 шықәсазы имҩаԥган, аха анаҩс апандемиа иахҟьаны ҩшықәса имҩаԥымсцызт.
Аолимпиада "Аҩаӡарақәа рахь амҩа" аҟны аԥыжәара згаз аԥхьахәқәа ранашьара мҩаԥгахоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы лаҵара 31 асааҭ 11:00 азы.