Аԥсны

Барцыц Аԥсни Шьамтәылеи русеицураҿ аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа лаҵара 25 аахыс Дамаск иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Урыстәыла Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнакс иҟоу Олег Барцыц лаҵара 26 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республика аԥыза-министр Хуссеин Арнус диԥылеит.
Аиԥылараҿы аганқәа иазгәарҭеит ахәаахәҭра-економикатә, абанктә уҳәа аусхкқәа рҟны аусеицураз ауснагӡатәқәа.
"Ирылацәажәан аусеицура ахырхарҭақәа: абанк аусхк аҿиара, шьамтәыла-аԥснытә наплакқәа реицаԥҵара. Иазгәаҭан Аԥсны логистикатә хабк аҳасаб ала акыр ишыманшәалоу иахьазы адунеи аҿы ишьақәгылан иҟоу аҭагылазаашьаан", - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.
Иара игәаанагара иҳәеит аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы Шьамтәыла аԥыза-министр иԥылара акраҵанакуаны ишыҟоу.

"Уи адагьы иалацәажәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара наҟ-ааҟ аинвистициа ахьчараз анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра аиԥш зеиԥшу аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара. Сгәы иаанагоит уи ҳтәылақәа рыбжьара аинвистициатә ҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит ҳәа", - иҳәеит иара.

Шьамтәыла атеррористтә еиҿкаарақәа ржәыларақәа рҟынӡа акыр аҿиара аман аграртә усхк. Аалыҵ аекспорт иазырхан. Уажәы аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп, аха маҷ-маҷ аҭышәынтәалара иаҿуп ҳәа иҳәеит Барцыц.
"Атәылахь аинвистициақәа аауа иалагеит, аинвесторцәа, абизнесуаа аинтерес шьҭырхит. Ара ацхыраара ҟанаҵоит Шьамтәыла имҩаԥнаго аполитика. Аинвистициатә еилакы аусура хаҭала Шьамтәыла аԥыза-министри ахадеи хылаԥшра арҭоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит
Асанкциақәа шыҟоугьы алогистикатә мҩақәа рыԥшаауеит Шьамтәыла аграртә усхк аалыҵ адәныҟатә џьырмыкьақәа рахь рнагаразы.

"Аҭагылазаашьа аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит атезис, ҳаамҭаз иарбанзаалак тәылак аҭахкаара шалымшо азы. Ари Аԥсны азгьы ҳастратегиатә партниор Урыстәыла азгьы иактуалуп. Тәылақәак аусутә, аекономикатә, ахәаахәҭратә ҭахкаара алдыршошәа рбоит, аха уи еижьагоуп", - иҳәоит Урыстәыла Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнакс иҟоу Олег Барцыц.

Барцыц иажәақәа рыла, аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла рыҟазаара иалагӡан иазԥхьагәаҭоуп Аԥсни Шьамтәылеи ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
"Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазԥхьагәанаҭоит атәылақәа ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа реинырра аспектр ҭбаа. Аҷыдарақәа Аԥсны Атәылахьчара аминистри Шьамтәыла Атәылахьчара аминистри реиԥылараан ирылацәажәахоит", - иҳәеит иара.
Аделегациа Шьамтәыла аҟазаараан иазыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа. Урҭ иреиуоуп аинрал Уалид Маршьани иԥшәмаԥҳәыс, Апарламент адепутатс иҟаз Џьансеҭ Казанԥҳаи анышә иахьамадоу ахь анеира.
Уи адагьы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы Шьамтәыла Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азхаҵара ԥшьышықәса ахыҵра амш инадҳәалан адкылара амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны
Аҟәеи Дамаски аполитикаҿ аилибакаараз Амеморандум рыбжьарҵоит