Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит

© Foto / Министерство Иностранных дел РА Состоялась встреча Инала Ардзинба с Чрезвычайным и Полномочным Послом Сирии в Российской Федерации Риадом Хаддат
Состоялась встреча Инала Ардзинба с Чрезвычайным и Полномочным Послом Сирии в Российской Федерации Риадом Хаддат - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР ахада Москва усутә ныҟәарыла даҭаан дыҟоуп.
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддати еиԥылеит.
Аганқәа злацәажәоз азҵаарақәа иреиуан Аԥсны ААР ахада Шьамтәыла иаҭаара, уи аан адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аполитикатә консультациақәа русхк аҟны аилибакаараз Амеморандум анапаҵаҩра.
Адипломатцәа реиԥылара мҩаԥысит 2018 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 4 шықәса аҵра аламҭалаз. Иара убасҟан ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0