Леонид Слуцки ЛДПР ахантәаҩыс далырхит

ЛДПР ахантәаҩ ҿыц далхын апартиа Иреиҳаӡоу ахеилак изаамҭанытәим аизара ду аҿы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Думаҿ ЛДПР афракциа ахантәаҩыс Леонид Слуцки далхуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Маӡалатәи абжьыҭара мҩаԥысуан Москва, лаҵара 27 азы апартиа аизара ду аҟны. Слуцки имацара иакәын кандидатс иқәгылаз.
Ахаша, лаҵара 18 азы бжьеиҳала ЛДПР афракциа ахадас далхын. Афракциа аилатәара мҩаԥган апартиа ашьаҭаркҩы, ахада, мшаԥымзаз зыԥсҭазаара иалҵыз Владимир Жириновски изинмчра анынҵәа ашьҭахь. Иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аамҭала ахада инапынҵақәа неигӡон Слуцки.
ЛДПР ахада ҿыц ажурналистцәа иреиҳәеит апартиа астратегиа еиҭакра дук шазымухо.