Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаагьы "азоваа" инарывагыланы ауаа дыргәаҟуан ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Пушилин

Жәабран 24 аахыс Урыстәыла Украина абџьархыхрази Донбасс аҭынч уааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчареи рзы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Украинатәи аруаагьы "азоваа" инарывагыланы ауаа дыргәаҟуан, ацәгьара руан ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин.
"УАМ ахаҭарнакцәақәак ауаа рыргәаҟра, рышьра, рцәа аԥҽра шымҩаԥыргоз азы аршаҳаҭгақәа ҳамоуп. Иҟоуп "Азов" алахәылацәа ираԥызгозгьы", - иҳәеит Пушилин.
Иара иҳәеит аӡбарҭа ари аинформациа шаланарҵәо, цәгьоурацыԥхьаӡа ахәшьара арҭоит.
"Ацәгьоурақәа, аполк "Азов" алахәылацәа рыцәгьоурақәагьы налаҵаны ухаҿы иузаагом. Ари зегьы зхы аҭыԥ аҿы иҟоу, зыԥсихика ҭышәынтәалоу изы еилкаашьа амам. Аиҭаҳәара сҭахым. Ирацәоуп зыӡбахә сҳәаша", - иҳәеит ДЖәР ахада.