Аԥсны

Гәдоуҭа арыцқьарақәа мҩаԥыргеит

Есышықәса Аԥсны араионқәа рыҟны аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа аламҭалазы арыцқьарақәа мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Гәдоуҭа араион аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа есышықәсатәи асабшатәи арыцқьарақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Иара иазгәеиҭеит, есааԥынра арыцқьарақәа шымҩаԥырго "Ақалақь цқьа" ҳәа ахьӡ аҭаны.
Аусбарҭақәа русзуҩцәа адәахьы идәылҵны Гәдоуҭа ақалақь аҩнуҵҟеи аԥшаҳәеи дрыцқьеит.

"Ҳара ашьыжь заа арыцқьарақәа ҳрылагеит, шьыбжьаанӡа зегь рыцқьан ҳалгеит. Акоммуналтә усбарҭақәа даара иҳацхрааит, атехника ааргеит напыла иаҳзыҟамҵоз дара инарыгӡеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Аҩӡба иажәақәа рыла, абжьааԥны асабшатәи аусурақәа анымҩаԥыргоз ашколхәыҷқәагьы рыцхраалон, аха сынтәа ашколқәа рыҟны "Абзиараз анбан" захьӡыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан аҟнытә ашколхәыҷқәа алахәӡамызт.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аиқәыршәараз 60 миллион мааҭ азоужьуп