Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аиқәыршәараз 60 миллион мааҭ азоужьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЦентр города Гудауты
Центр города Гудауты  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2022
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араионтә биуџьет апрофицит шьақәгылеит ашәахтәқәеи акурорттә сезон ахашәалақәеи рҟынтәи.
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аиқәыршәарази арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи ирзоужьхоит 62,2 миллион мааҭ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи араионтә Еизара адепутат, абиуџьеттә комиссиа ахантәаҩы Адгур Џьениа.
Иара иҳәеит арҭ аԥарацҵақәа шьақәгылеит 2021 шықәсазтәи ашәахтәқәеи акурорттә сезон ахашәалақәеи рҟынтәи ҳәа.

"Гәдоуҭеи Афон Ҿыци ақалақьқәеи араион 22 қыҭеи арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоужьхоит 48 миллион 600 нызқьмааҭ. Гәдоуҭеи Афон Ҿыци реиқәыршәараз –12 миллион мааҭ. Ари ашәҟәы атәыла Аиҳабыреи Апарламенти рҿы ишьақәдырӷәӷәароуп", - иҳәеит Џьениа.

Адепутат далацәажәеит адокумент адкылареи аиҿкаареи русмҩаԥгатәқәа, иҳәеит апроект шалыршахаз Араионтә еизара адепутатцәеи амуниципалитет ахадареи рҽазышәарала.
"Араион ахада Араионтә еизарахь ашәҟәы наишьҭит аԥарақәа реихшаразы. Нас, абиуџьеттә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥган. Убри ашьҭахь ашәҟәы адепутатцәа рзеиԥш еизарахь инаган. Уа иара рыдыркылеит", - ҳәа иҳәеит Џьениа.
Апроект инақәыршәан аԥарақәа абас иеихшахоит:
Гәдоуҭа ақалақь аҿы аусурақәа рзы - 32,4 млн. м.
Тарнаа имҩа акаҭран ақәҵара – 11, 5 млн. м.
Гәымсҭатәи амҩа ахәҭа акаҭран ақәҵара – 12 млн. м.
Аплиажқәа реиҿкаара – 2 млн. м.
Ԥсоу-Егры амҩа иахьаҵанакуа агәам-самеизакырҭақәа рыргылара– 2 млн.м.
Аангыларҭа ҭыԥқәа рыргылара – 1,5 млн.м.
Амардуанқәа рышьақәыргылара – 1 млн. м.
Амҩахысырҭақәа рышьҭаҵара - 1,2 млн. м.
Арбагатә камерақәа рықәыргылара – 1,1 млн. м.
Афон Ҿыц аҿы аусурақәа рзы- 4,7 млн. м.
Амшынԥшаҳәа аиҿкаара - 4,1 млн. м.
Амҩахысырҭақәа рышьҭаҵара - 600 н. м.
Арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы – 11,5 млн. м.
Дәрыԥшь – 1 млн. м.
Лыхны – 1 млн. м.
Мысреи егьырҭ 19 қыҭеи - 500 н. м.
Гәдоуҭа араион АУН АКН– 8,7 млн. м.
Атрактор аахәара – 3,2 млн. м.
Агәам-самқәгага аахәара – 5,5 млн. м.
Афон Ҿыц АУН АКН– 3,2 млн. м.
Аплиажқәа реиҿкаара – 2 млн. м.
Архыгақәа раахәара – 1,2 млн. м.
Агәабзиарахьчара
Араионтә хәшәтәырҭаз аахәарақәа – 500 н. м.
Аспорт
АК "Афон" - 1 млн. м.
Ажәабжьқәа зегьы
0