Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ заанаҵтәи алҵшәақәа ҟанаҵеит Алашарбагатәи алхратә ҭыԥ хадала

Аԥсны Апарламент ахь 8-тәи алхратә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи) алхрақәа мҩаԥысит асабша лаҵара 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Алхрақәа заанаҵтәи рлыҵшәақәа рыла Аԥсны Апарламент ахь адепутатраз фҩык акандидатцәа рахьынтәи ҩыџьа аҩбатәи атур ахь инеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада.
Акандидат Наур Нарманиа 776 - бжьы иоуит (34,4%), Леон Гәбаз – 695 (30,83%).
"Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь адепутатцәа ралхраз" Аԥсны Аконституциатә закәан инақәыршәаны, ари алхратә ҭыԥ хадала ҩ-мчыбжьа ирхымгакәан имҩаԥгахоит алхрақәа аҩбатәи ртур", - аҳәоит АКХ.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 12 рзы. Усҟан 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи) аҟны иқәгылан 7-ҩык акандидатцәа.
Алхрақәа аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа акандидатцәа Леон Гәбази Наур Нарманиеи. Хәажәкыра 26 рзы имҩаԥгаз аиҭалхрақәа рыҟны рҩыџьагьы абжьқәа еиҟараны ироуит, уи алагь алхрақәа мҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡан.
Аԥсны Апарламент ахь адепутатцәа 35-ҩык алырхоит. Егьырҭ алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысыз алхрақәа ирылҵшәаны иалхын 34-ҩык Жәлар Реизара адепутатцәа.
Алашарбагатәи аҭыԥ хада аҟны адагьы аиҭалхрақәа мҩаԥысит лаҵара 14 рзы алхратә ҭыԥ хада № 18 (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә) аҿы. Уа депутатс далхын Леонид Лакербаиа.