Аԥсны

Арбаӷь абызшәеи уи асимволикатә ԥштәқәеи: аиқәаҵәа, ашкәакәа, аҟаԥшь

"Абзиара уҳәозар, ҽазнык иҳәа, ацәгьа уҳәозар, аӡыршы ҭарҭәааит", аԥсуаа ҳҟны арбаӷь иадҳәалоу аҳәамҭақәеи азгәаҭақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Арбаӷь абызшәа
Таиф Аџьба иажәабжь "Арбаӷь абызшәа" ҳәа хыс измоу аҟны ҳаԥхьоит: "Ирҳәоит уи даниз иан лгәыҳәԥыхш агьама ибаанӡа, арбаӷь аика аарыҵкәан, убри ашьала иҟырҟы дырхәхәит ҳәа". Ари ажәабжь ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭа шьаҭас ишамоу аныԥшуеит. Ииашаҵәҟьан, аԥсуа фольклор аҿы иуԥылоит ус еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа арбаӷь абызшәа здыруаз ыҟан ҳәа зҳәо.
Аԥсны
"Аҟарма иазҳауанаҵы ашәа аҳәоит": аԥсаатәқәа ирыхҳәаау ҳәамҭақәак
Арбаӷь амифологиаҿы алашареи алашьцареи иадыркыло ԥсаатәуп. Ашьыжь уи аныҿнаҭуа ала амра агылара ишаԥыло аанарҧшуеит. Ари илашоу, иԥшьоу аган аанарԥшуеит арбаӷь ашкәакәа аԥштәы змоу. Аиқәаҵәа ԥштәы акәзар, амч лашьцақәа иааныркыло, аԥсҭҳәақәа ирылахаз амра алгара иасимвалуп. Аҟаԥшь аԥштәы адыд-мацәыс иадыркылоит, адыд абжьы шдуу еиҧш, арбаӷь аныҿнаҭуа абыжьгьы еихыкка, еиҵыхны иҟоуп ҳәа еиҿдырҧшуеит. Арбаӷь иадыркыло аҟазшьақәа иреиуоуп аҽырԥагьара, аҽырбабара.
Аԥсуаа рҿы арбаӷь аныҳәарақәа раан зшьа карҭәо иреиуоуп. Иаҳҳәап: ажьырныҳәа аан Шьашәы рбаӷь иахныҳәаны ашьа карҭәоит, уимоу аҭаацәа рыцыԥхьаӡа ҟарҵоит (мамзаргьы аҭаацәараҿы иҟоу аҷкәынцәа рыцыԥхьаӡа. Иара убас, "амашәыр алԥха" ҳәа имҩаԥырго аныҳәараҿы арбаӷь шкәакәа ауаҩы ихы иакәыхшан ирышьҭуеит. Мамзаргьы агырӡныҳәа ҳәа иҟоу аныҳәараангьы арбаӷь ауп зшьа карҭәо. Уи џьоукы арбаӷь еиқәаҵәоуп иҟарҵо ҳәа еиҭарҳәоит, даҽа џьоукы – аҟаԥшь.
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи
Агырӡныҳәа ҳәа зыӡбахә рҳәо, ауаҩы ахыхь бааҧс изцәырҵуа даныҟалалакь, арбаӷь ҟаԥшь (ма аиқәаҵәа) аанкыланы, ахыхь змоу ихы иакәыхшаны, аика хҵәаны иаурышьҭуан. Иааҳгап ари аныҳәара иазкны Валентин Кәаӷәаниа ажәабжьҳәаҩцәа рҟынтәи ианиҵаз анҵамҭа:
"Ажәытәан Агырӡныҳәа ҳәа ҟарҵауан. Ауаҩы ахыхь бааҧс иоуны даныҟалалак, арбаӷь ҟаԥшьы аакны, - Абри ихьаа-баа ишыншабакәу зегьы ихыхны, абри иахьсырҧшуеит, - ҳәа ихы иаакәыхшаны, аика хҵәаны иаурышьҭуан. Ашьҭахь арбаӷь ршьуан, ихьаагь ихгауан" - ҳәа еиҭаиҳәон Ҷыҷыкәа Ҵәыџьба 1998 шықәсазы.
Анаԥреи агырӡныҳәеи: ачымазарақәа раанкыларазы имҩаԥырго аныҳәара
Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рбызшәа еилызкаауа ауаа ахьаҳԥыло алакәқәа рҿоуп. Убас аԥсуа лакәқәа рҿы иуԥылоит арбаӷь абызшәа идыруеит ҳәа ззырҳәо ауаҩы изкны алакә. Уи ицхраауеит иара илахьынҵа ашьақәыргылараҿы: иҟаларан иҟоу дахнарԥоит, мамзаргьы анасыԥ бзиа изаанагоит.
Иахьагьы иԥхьаӡоуп арбаӷь аҿыҭбжьы абзиара ма ацәгьара иатәу ажәабжьқәа аанагоит ҳәа. Убри аҟнытә уи ауаҩы аниқәҿнаҭлак, абас рҳәоит:
"Абзиара уҳәозар, ҽазнык иҳәа, ацәгьа уҳәозар, аӡыршы ҭарҭәааит" ҳәа.