Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Уажәтәи ахәыҷқәа аӡын азы ачалтқәа дыргылом, аҵарақәа иреишәарыцом, иара ачалт азхарагьы асы шьҭам аха, урҭ асоциалтә ҳақәа рҿы акаҭақәа "рыҟаҵароуп" иаҳа иззыманшәалоу.
Сызлацәажәо аныҳәара акәзаргьы, шьҭа лакәк иаҩызан иҟалахьеит. Дара ашәарыцаҩцәа рхаҭагьы иззымдыруа рацәаҩуп ашәарах рынцәахәы Ажәеиҧшьаа иеиҧш дшыҟоу аҧсаатәқәа рынцәахәгьы. Аҧсаатә иреишәарыцозгьы урҭ ирхылаҧшуа дирманшәаларц диҳәон. Дызусҭада ҳәа шәҵаауазар, уи Анҷакәынҷа иоуп. Ааи, ааи, Анҷакәынҷа – ахәыҷқәа бзиа ирбо алакә "Анҷакәынҷа" афырхаҵа. Дыззымдыруада аҷкәын, аҧхыӡ шана збаз, аха "ҧхыӡ бзиа убааит ҳәа сазҳәо ида аӡәы ишиасымҳәо" ҳәа ҧшаара ицаз. Ари алакә аҟны адагьы иара џьаргьы иӡбахә ҳәам. Аха афольклористцәа реизгамҭақәа рҟны, имаҷны акәзаргьы, иуҧылоит уи аҧсаатә иахылаҧшхәу иакәны дахьаарҧшу аҳәамҭақәа. Урҭ ралагамҭақәа абас еиҧш иҟоуп: "Анҷакәынҷа ҳәа дыҟан, аҧсаатә иреиҳабыз", мамзаргьы: "Аҧсаатәқәа зегьы рҳәынҭқар Анҷакәынҷа Зарлы ихьӡын".
Убас еицырдыруа алитератураҭҵааҩы, акритик Руслан Қапба еиҭеиҳәон: "Санхәыҷыз ардәынақәеи ахьажьқәеи скырц аӡын ҳаҩны ашьҭахьҟа инаскьаганы ацәҟьақәа сҳауан, амалакаҳақәа сыргылон. Хьажьык, ма ардәынак уи иаҿашәар, иҧырҧыруа ианызбалак, сгәырӷьаҵәа иаҿыхны аҩныҟа иаазгон, аха снапала ашьра, ахәда ахҵәара сзыгәаӷьуамызт. Саб иашьа Ӡаӡ уи анибалак, дҧышәырччо иаасымхны иаанкыланы, "Анҷакәынҷа абри иақәу ахәыц рыцыҧхьаӡа уиҭааит" ҳәа синыҳәон", аҵарақәа ирызку - ҳәа.
Аҧсаатә иреишәарыцоз рзы ныҳәаҧхьыӡк аҳасабала "Анҷакәынҷа илҧха, игәыҧха шәоуааит" рҳәон. Уи аныҳәара аҟынтәи ҳара ҳҟынӡа иааиз фрагментқәак заҵәык роуп. Иныҳәоз аиҳабы ихы иаирхәон абас еиҧш иҟоу ажәақәагьы ҳәа Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩк иҟынтәи афольклорист Сергеи Зыхәба ианиҵеит, "Анҷакәынҷа-кәынҷалашә, уназхысыз, уаазхысыз рызегьы абри смаҭа Орҳан имазааит" ҳәа.
Алакәқәа рҟны лассы-лассы иуҧылоит арбаӷь абызшәа здыруазгьы ауаа ыҟан ҳәа. Иҟоуп аихшара - зымшьҭа бзиоуи зымшьҭа цәгьоуи аҧсаатәқәа ҳәа. Иаҳҳәап, акәыкәу, мамзаргьы атыҩарҩар, акьыу аҩны ааигәара ҿнаҭыр, абзиа иазҳәам рҳәоит.
Арбаӷьқәа аиқәҿыҭра иалагар, "Абзиара уҳәозар, ҽазнык иҳәа, ацәгьа уҳәозар, аӡыршы уҿаҳҭәааит!" рҳәоит. Аҧсуаа ирҳәоит арбаӷь ацәажәара здыруаз ыҟан ҳәагьы. Иара убас, аҧсуаа ишырҳәо ала, акәыкәу раҧхьаӡа ианыҿнаҭлак алаҵара иалагон. Ашьыжь ачаӷьа умфакәа аҩны удәылҵыр ҟаломызт, аҧсаатә уаҟаҭәар ҟалоит ҳәа. Зылаҧш цәгьаз изы "аты дақәтәоуп" рҳәон.
Арҭ еиқәыҧхьаӡоу адыргақәа иахьагьы аҭыҧ рымоуп аҧсуа иҧсҭазаараҿы. Амала аҵыс бызшәа здыруа днымхеит умҳәозар. Иахьа "аҵыс бызшәа уҳәоит" ҳәа изырҳәоит зеилкаара уадаҩу ауаҩы изы, мамзаргьы лафны. Иааҳгап аҵарауаҩ Валентин Коӷониа ианҵамҭақәа рҟынтәи ари имаӡоу абызшәа ала еицәажәарак ацыҧҵәаха:
"- Иахьа сахьыныҧхьачаз слашарбага шаҩак ааҵашәеит.
- Нас, уеизаҧыма?
- Мап, сызмеизаҧит, ихаран. Ус сыҧхьачо сышнеиуаз, хаҩбахбабалк збеит.
- Изҭааз?
- Бажә рггарак иҭан.
- Нас, адырга ауҭама?
- Исҿаҟәеит. Ус сыҧхьачо сышнеиуаз, ахагылахь саныҧшы, ҭхоу заманак сылаҧш иааҵашәеит.
- Нас уеизаҧыма?
- Сыҵаргәа нарсны, сызаҧ нықәкны исырмацәысит.
- Нас, иурмшыма?
- Иара уаҵәҟьа исырмшит.
- Ҳаи, уршә хиааит!
- Аҧашьышь, уҩагылан архәа аҭоуга махьшьи, ацәаҧшь наҵаҵан, ахырӡы амышә нҭаҧсаны, аҭархәала иааиларҟьаша. Уаҵәазы аҧажәырӡ асцыблы аҭан ирапа." (Платон Киласониа иҳәамҭоуп, ианҵоуп 1976 шықәсазы).
Ари аҵыс бызшәа иадукылар ауеит ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи реицәажәараан ихәыцу абызшәа - ажәақәа иаарҳәны рҳәара, мамзаргьы еицааиуа ашьҭыбжьқәа рыбжьаргылара. Ас еиҧш иҟоу абызшәа аман ҳара ҳхәыҷрагьы. Иахьагьы ана-ара иуԥылоит.