АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Франциа ахада Еммануель Макрони Германиа аканцлер Олаф Шольци ҭелла данрацәажәоз рыӡбахә иҳәеит афатә азы аглобалтә шәарҭадара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Аиҿцәажәараан Путин иҳәеит иара игәаанагарала, адунеитә џьармыкьахь афатә анагараз иҟоу ауадаҩрақәа шрыхҟьо мраҭашәаратәи атәылақәа иахәҭаӡамкәа Урыстәыла иадҟарҵалаз аекономикатәи афинанстәи асанкциақәа шракәу.
"Урыстәыла азыхиоуп ԥырхагада еиуеиԥшым арыцқәа, украинатәиқәа убрахь иналаҵаны, егьырҭ атәылақәа рахь рнагара", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Уи адагьы, ахтәылак рнапхгаҩцәа алацәажәеит Украина иҟоу аимак иазку азҵаарақәа. Владимир Путин адырра ҟаиҵеит аоперациа ҷыда амҩаԥысшьазы, иазгәеиҭеит урыстәылатәи аруаа жәларбжьаратәи агуманитартә зин ишақәныҟәо.
Иара убас Путин иҳәеит Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәарақәа аанкыланы ишыҟоу Украина амшала, даҽазныкгьы инаҵишьит Украинаҟа мраҭашәаратәи абџьар анашьҭра аҭагылазаашьа еиҳагьы иҵнашәаауеит, агуманитартә кризис ареицәоит ҳәа.