Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шоигу: Урыстәыла ахықәкқәа зегьы нанагӡаанӡа арратә операциа мҩаԥнагалоит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с руководством Минобороны РФ и представителями оборонной промышленности
Президент РФ В. Путин провел совещание с руководством Минобороны РФ и представителями оборонной промышленности - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Анапаҵаҩра
Сергеи Шоигу иажәақәа рыла Урыстәыла ауаа агеноцид иацәыхьчаны Украина анеитралтә статус аиура еиҿнакаар акәхеит.
АҞӘА, лаҵара 24 - Spitnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ОДКБ атәылахьчараз аминистрцәа рхеилак аилатәараҿы иҳәеит Урыстәыла аҿаԥхьа иқәнаргылаз ахыдҵақәа зегь нанагӡаанӡа Украина арратә операциа мҩаԥнагалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Мраҭашәара мҽхакы ҭбаала киевтәи арежим ацхыраара шанаҭогьы, асанкциақәа рыла Урыстәыла ишақәыӷәӷәогьы арратә операциа ҷыда иацҵахоит ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа зегь наҳагӡаанӡа", - иҳәеит аминистр.

Сергеи Шоигу иҳәеит мраҭашәаратәи атәылақәа украинатәи аруаа рыцәгьоурақәа рымбошәа шыҟарҵо, Украина амилаҭ еилызхо ыҟам ҳәа шырҳәо.
Урыстәыла акәзар, аграждантә хыбрақәа аҭынч уааԥсыра ыҟазар ахьауа ааха рырҭом. Уи ажәылара аамҭа еиҵнахуеит ҳәа иҳәоит Шоигу.
Шоигу иажәақәа рыла НАТО урыстәылатәи аҳәаақәа ирзааигәаны ар еизнагон, Украина аиҿкаара иаланархәырц аҽазнашәон Урыстәыла иаӷоу ҳәынҭқарраны иҟаларц азы.
Логотип Евросоюза на здании штаб-квартиры Европейского парламента в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Мезенцев Мраҭашәара НАТО аганахьала ирымаз аиқәшаҳаҭрақәа шынармыгӡо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит
Аминистр иҳәеит Киев аиадертә бџьар аиур ҳәа ашәарҭара ду шыҟаз, абиологиатә бџьар ахәҭақәа аус рыдулара иалагар шауаз.
Иара убасгьы аилатәараҿы Шоигу иҳәеит ОДКБ аҳәаақәа иахьрыԥну акраамҭатәи аибарххаратә ҭагылазаашьа шаԥырҵо, уи инадҳәаланы аҳәынҭқарра-лахәылацәа ашәарҭарақәа рҭакҟаҵараз рыӡбрақәа реишьаршәалара амеханизмқәа шымҩаԥгалатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0