Аԥсны

Арӡынба Аекономика иреиҳаӡоу ашкол аҿы арҵаратә проектқәа рзы аиқәшаҳаҭра мҩаԥигеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба лаҵара 23 раахыс Москва усутә ныҟәарыла дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет "Аекономика иреиҳаӡоу ашкол" аҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи АҬУ АИШ аректор Никита Анисимови реиԥылара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Аганқәа абарҭ апроектқәа ирылацәажәеит:
Аиԥылараан еиқәышаҳаҭхеит аԥснытәи абитуриентцәа Амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет "Аекономика иреиҳаӡоу ашкол" акомпиутертә ҭҵаара, адунеитә економика, адунеитә политика, Иреиҳаӡоу абизнес школ рфакультетқәа рҟны аҵаратә программақәа рахысраз;
ААУ аҟны аинформатикеи аматематикеи рзы аԥснытәи арҵаҩцәа рзы АҬУ АИШ аҟазауаа аҟазара-классқәа мҩаԥыргаларц. Арҵаҩцәа ироуеит алшара аԥышәахысраз, рҟазара аизырҳараз онлаин-курсқәа рылахәраз.
АҬУ АИШ астудентцәа Аԥснытәи ашколқәа ирҭаалоит азанааҭтә хырхарҭақәа ралкаараҿы ацхыраара аиуразы;
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ IT парк аԥҵара аидеиа аус еицадыруылалоит. IT-парк Аԥсны аинформациатә технологиақәа рыҿиара аус иацхраауеит.
Аԥсны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихаҭа АҬУ АИШ доушьҭымҭоуп.