Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мелитополь иҟаз атеракт иахҟьаны хҩык аахақәа роуит

Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруаа 2022 шықәса хәажәкырамзазы Херсонтәи Запорожиатәи аобластқәа рхы иақәиҭыртәит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Запарожиатәи аобласт ақалақь Мелитополь иҟаз атеракт иахҟьаны хҩык аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ақалақь ахадараҟынтәи адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ақалақь ахадара ахыбра ааигәара игылаз автомашьынақәа руак арҭҟәацга аҵаҵан.
Ашәахьа, асааҭ 7:40 рзы Мелитополь агәҭа аԥжәарабжь геит.
Запорожиатәи аобласт арра-граждантә напхгара ахаҭарнак Владимир Рогов атеракт азы аҭакԥхықәра киевтәи арежим иадиҵеит.