Аԥсны

Урыстәылатәи амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿ ҳауала ар риагара мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30- Sputnik. Аԥсны иҟоу арратә база Урыстәылатәи амотохысцәа Аԥсны ашьхараҿ ҳауала ар риагараан атактикақәа аус рыдулара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽеидкылара ҳарак мҩаԥызго ар ргәыԥқәа аибашьратә ҭагылазаашьаан иаҭахны иҟоуп ҳауала ар риагараан ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ахысырҭақәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны амотохысцәеи АҲМи ПВОи рверталиотқәа рекипажқәеи ар ргәыԥқәа ҳауала иарбаз аҭыԥ ахь риагара, уа рыртәара маԥыргеит. Аҽазыҟаҵара мҩаԥысуан зрелиефхәҭақәа еиԥшымыз ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы. Ахархәара рыҭан авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор".
Атранспорттәи хықәкырацәалатәи аверталиотқәа рхархәарала аҽеидкылагәыԥқәа ирылшоит афронт еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь рнеира, ажәыларатә верталиотқәа рхымцала рҽыхьчо.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа архәҭа иажәлоз "адиверсантцәа" ԥхьарцеит