Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа урыстәылатәи аимадареи аинтернети рахь ииасит

Херсонтәии Запорожиатәии аобластқәа урыстәылатәи аоперациа ҷыда Украина амҩаԥгараан Урыстәыла Арбџьармчқәа рнапаҵаҟахь ииаган. Арегионқәа рыҩбагьы Урыстәылатәи Афедерациа иасубиектқәахарц шырҭаху азы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа урыстәылатәи аимадареи аинтернети рахь ииасит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аинформациатә политиказ Ҟрым ахада иабжьгаҩ Олег Криучков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Херсонтәи аобласт арра-граждантә хадара Урыстәылахь аҳәара ҟарҵахьан арегион аҿы аинтернеттә еимадара шьақәдыргыларц, УАМ ралахысраан амагистралтә ҳа ааха ахьаиуз иҟалаз авариа инадҳәаланы абонентцәа еимадарада иахьынхаз азы.
Уаанӡа арегионқәа рҿы аус руан украинатәиқәа реиԥш урыстәылатәи аоператорцәагьы.

"Киевтәи атеракт Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа рҟны аимадара еиԥнаҟьеит. Урыстәыла оперативла зых иақәиҭнатәыз аҵакырақәа рҿы урыстәылатәи аимадареи аинтернети шьақәдыргылеит. Ари иаанаго украинатәи апропаганда аларҵәара аанкылароуп, Зеленски имцқәа ршьапы кьаҿхеит", - иҳәеит Криучков.

Иара иҳәеит ҟрымаагьы абри аҩыза аҭагылазаашьа шрымаз, киевтәи амчрақәа дыррак ҟамҵакәа арегион амобилтә еимадара ианаҿырхыз. Уажәгьы иҟан агәаанагара Украина арҭ аҵакырақәа рҿы усеиԥш еиҭаҟанаҵоит ҳәа.
Урыстәылатәи sim-хсаалагақәа арегион аҿы рыҭира иалагахьеит.
Путин Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа руааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара ирмариеит