АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс дҟаиҵеит Михаил Шургалин, абри азы ашәҟәы кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҟны.
Михаил Шургалин - Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵазааит", - ҳәа аҳәоит Аусԥҟаҟны.
Михаил Шургалин Урыстәыла ААР аҿы ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректорс дыҟан.
Хәажәкыра 2018 шықәса инаркны хәажәкыра 2022 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан Алексеи Двинианин, иара ари аҭыԥ аҟны диԥсахит Семион Григорьев.