Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аҳаирплан Су-25 ДЖәР аҿы икарыжьит

Украина урыстәылатәи ар ржәылара шцац ицоит, иҭархоуп аибашьыга техника, аинфраструктура.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа (ПВО) украинатәи аҳаирплан Су-25 ДЖәР аҳауатә ҵакыраҿ еихсны икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Украина арбџьармчқәа рҳаирплан Су-25 карыжьит Донецктәи аобласт, Сергеевка аҿы, Харьков иахьаҵанакуа – авертолиот Ми-8", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба кажьуп, иаанкылоуп ареактивтә система "Смерч" аракетақәа ҩба.
Ракетала иҭархоуп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 5, ари атехникеи ргыларҭақәа 29.
Аоператив-тактикатә, аибашьыгатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла ари атехникеи ргыларҭақәа 61 ааха рыҭоуп, иҭархоуп 140-ҩык амилаҭеилыхцәа, атанкқәеи аршьаҟауаа рмашьынақәеи 9, ареактивтә системақәа БМ-21 "Град" рартиллериа, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 6, азенит-ракетатә комплекс "ОСА-АКМ".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Азовсталь" аҿы украинатәи аруаа 152-ҩык рыԥсыбаҩқәа амина рыҵаны ирбеит
Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит 128 напхгараҭаратә ҭыԥ, 169 артиллериатәи аминаршәгатәи позициақәа, 623 ари атехникеи ргыларҭа ҭыԥ.
Иҭархоуп 200-ҩык амилаҭеилыхцәа, 24 ак арратә техника 155-мм иҟоу агаубицақәа М777 назлоу, 203-мм иҟоу 2С7 "Пион", ареактивтә система "Град" амашьына БМ-21, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 2.
Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Хықәкыс иамоуп аӷа иабџьархыхра. Уи азы иҭадырхоит аибашьыга техника, арратә инфраструктура.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа урыстәылатәи аимадареи аинтернети рахь ииасит