Аԥсны

Хьыбла Герзмааԥҳа авокалистцәа рыбжьара аиндаҭларахь иаԥылҵаз азыҳәақәа рыдкылара иалагеит

Аԥышәара алкаақәа рыла актәи атур ахь инеиуеит 16-ҩык авокалистцәеи 16-ҩык аконцертмеистерцәеи. Урҭ рыхьӡқәа рылаҳәахоит жьҭаара 17 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа илаԥшьгамҭоу авокалистцәа рыбжьара жәларбжьаратәи аиндаҭлара ахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит аиндаҭлара асаит.

Азыҳәақәа рыдыркылоит цәыббра 30 рҟынӡа. Алахәылацәа аиҿкааҩцәа ирзынарышьҭроуп авидео ма авидео ахь азырха – ҟазшьала еиԥшым ариақәа ҩба, аоригинал абызшәала иахьынарыгӡо.

Аиндаҭларақәа ирылахәхар ҟалоит 18 -35 шықәса зхыҵуа, апрофильтә ҵара змоу ма истуденту.
Аиндаҭлара мҩаԥгахоит иара убасгьы амузыкатә ҵара ҷыда змоу аконцертмеистерцәеи астудентцәеи рыбжьарагьы (22 – 35).
Авокалистцәа жәларбжьаратәи реиндаҭлара аексперттә жиури напхгара алҭоит Хьыбла Герзмааԥҳа. Иалахәхоит ашәаҳәаҩцәа, арежиссиорцәа, адирижиорцәа, аоператә агентцәа.
Иаиааиз аԥаратә ԥхьахәқәа рыдагьы ироуеит алшара иреиӷьу урыстәылатәи атеатрқәа рысценақәа рҿы ақәгылара.
Аԥсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лырҵаҩы Евгениа Арефьева лыхьӡала еиҿкаау аконцерт аҿы дықәгылоит