Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа лырҵаҩы Евгениа Арефьева лыхьӡала еиҿкаау аконцерт аҿы дықәгылоит

© Sputnik Международный фестиваль "Хибла Герзмава приглашает" прошел в Сухуме
Международный фестиваль Хибла Герзмава приглашает прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Анапаҵаҩра
Евгениа Арефьева 30 шықәса ҵуеит Москватәи аконсерваториаҿ рҵаҩыс аус луеижьҭеи.
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа лырҵаҩы, аконцертмеистер, апрофессор Евгениа Арефьева лыхьӡала еиҿкаау аконцерт аҿы дықәгылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аиубилеитә концерт мҩаԥгахоит лаҵара 31, Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал маҷ аҿы.

"Хьыбла иҭабуп ҳәа ласҳәоит уажәгьы сабжьгарақәа ахьлыдылкыло, сгәаанагара мап ахьацәылымкуа, иаҳа ианылцәыуадаҩу аамҭақәа раан сабжьгарақәа дахьырзыӡырыҩуа", - лҳәоит Арефьева.

Ахәылԥаз аҿы иқәгылоит Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр (МАМТ) асолистцәа: Лилиа Гаисина (асопрано), Елена Гусева (асопрано), Евгениа Афанасьева (асопрано), Ксениа Дудникова (амеццо-сопрано), Николаи Ерохин (атенор), Арсен Согомониан (атенор).
Иара убасгьы иқәгылоит Евгениа Арефьева лыкласс астудентцәеи аконцертмеистерцәа Екатерина Ганелинеи, Лиудмила Духани, Светлана Ефимовеи.
Церемония вручения музыкальной премии BraVo - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2022
Аԥсны
Хьыбла Герзмааԥҳа авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи рыбжьара аиндаҭлара аԥылҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0