Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Кракени" "Азови" рҭыԥқәа ықәрыцҟьааит

Арратә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи архәҭақәа зегьы аибашьыга техникеи аӷа иинфраструктуреи дырхәашоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Кракени" "Азови" рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа ықәрыцҟьааит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Хықәкылатәи аракетақәа рыла иқәыцҟьаауп аӷа ири иеибашьыга техникеи ргыларҭақәа 21, Харьков араион иахьаҵанакуа игылаз амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Кракени" "Азови" назлоу", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аракетатә ари артиллериеи УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 131, артиллериатәи аминаршәгатәи абатареиақәа 146, ари аибашьыга техникеи ргыларҭақәа 579 ааха рырҭеит.
Аоператив-тактикатә авиациа иҭадырхеит ари аибашьыга техникеи ргыларҭақәа 15 раион, Долинеи Славиански аџьаԥҳани абылтәи рыҵәахырҭақәа, ЗРК "Оса-АКМ", атанкқәа 10, ареактивтә системақәа БМ-21 "Град" хԥа, артиллериатә шьақәгылақәа быжьба, автомашьына ҷыдақәа 17, икажьуп аҳаирплан Су-25.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵахеит
Авиациа ажәылараан иҭахеит 240-ҩык амилаҭеилыхцәа.
Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа рыла иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба.
Украина жәабран 24 азы иалагеит арратә операциа. Иара хықәкыс иамоуп атәыла абџьархыхра, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аҳаирплан Су-25 ДЖәР аҿы икарыжьит