Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵахеит

Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит қырала еибашьуаз аибашьра ахаҭа ианиаз Украина ааныжьны ацара шырҭахыу, аха киевтәи арежим уи ишаԥырхагоу.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Атәылахьчара аминистрра.

"Иҳамоу адыррақәа рыла иахьазы қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵахеит – 6,6 нызқьҩык рҟынтәи 3,5 нызқьҩык рҟынӡа. Убри аан Донбасс УАМи Амилаҭтә гвардиеи ирылахәы рхыԥхьаӡара акыр еиҵахахьеит" , - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа адыррала аҳәаанырцәуаа шәҩыла иҭархоуп рҽазыҟаҵаратә ҭыԥқәа ирыхмыжькәа. Иҭархоу реиҳараҩык азыҟаҵара лаҟәын, аибашьратә ԥышәа рымамызт.
Аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иҳәеит УАМи Амилаҭтә гвардиеи рлахәылацәа хьчаны аҳәаанырцәуаа еиҳа ишәарҭаз аҭыԥқәа ирзынарышьҭуан рнапхгара ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Азовсталь" аҿы украинатәи аруаа 152-ҩык рыԥсыбаҩқәа амина рыҵаны ирбеит
Аусбарҭа иазгәанаҭоит жәларбжьаратәи агуманитартә зин анормақәа рыла қьырала еибашьуа комбатантцәаӡам, изықәшәар ауа ашьауӷақәҵароуп. Киевтәи арежим урҭ аруаа ирхаҭарнакушәа азинтә хьчара рыҭара аҽахьазнашәо дара еиқәнархаӡом.