АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Ааԥынра ақәоурақәа ирыхҟьаны Аҟәатәи аплиажқәа зегьыҵәҟьа аԥхынтәи аамҭа иазыхиам, абри атәы лҳәеит аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
Лара лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы рашәара 3 рзы атуристцәа рыдкылара иазыхиоуп аплиаж Del Mar, апансионат "Кьалашәыр" аплиаж, иара убас асанатори МВО аплиаж. Макьана еилыргам аплиаж "Локомотив", аргыларатә усурақәа цоит Мокко-плиаж аҟны, ақалақь агәҭа иҟоу аҽыкәабарҭақәеи аҽыԥсахырҭақәеи ахархәара иазыхиам.
"Аӡиас Баслаҭа амшын иахьалало аҭыԥ аҟны аҽыкәабара аӡәгьы иабжьаҳгом, ажәлар аҟны "собачий пляж" ҳәа ирдыруа аҭыԥ аҟны, избан акәзар амшынӡы арбагақәа хәарҭам. Егьырахь амшын аԥшаҳәаҿы аӡы арбагақәа бзиоуп", - лҳәеит лара.
Белиаева иазгәалҭеит амра ухы иамысарц амшын аҭалареи аплиаж аҭаареи бзиоуп асааҭ 06:00 инаркны 11:00-нӡа, убас асааҭ 18:00 инаркны 22:00-нӡа.
"Ауаҩы аҳаргь дыҵатәазар, амра ихы иасуам ҳәа ииԥхьаӡоит. Ус ауп, аха иҟоуп аилкаара - ауаҩы ицәеижь зегьы зеиԥшла ашоура анасуа. Ашоура бааԥсы аныҟоу аамҭазы ашәшьыраҿы аҟазаара, аӡы ирацәаны ажәра рабжьызгоит", - лҳәеит лара.
Аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада атуристцәа ирабжьылгеит ажьҵааи ицаҳәцаҳәуа афатәи рҽадрымцаларц, акран аҟнытәи аӡы рымжәларц, аџьармыкьаҟны ашәырқәа агьама рымбаларц, ибзиаӡаны урҭ рыӡәӡәаларц, ахаамыхаа аплиаж аҟны иаарымхәарц. Белиаева аплиаж ахь иргарц рабжьылгоит лассы иԥхасҭамхо афатә.