Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Онишьенко Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыплиажқәа еиҿирԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсни ЖәАМ "Россия сегодня" апресс-центри авидеоцҳа мҩаԥыргеит лаҵара 30 рзы.
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аԥснытәи аплиажқәа рхаҭабзиара еиӷьуп краснодартәиқәа раасҭа иҳәеит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик , УАР ахада ихаҭыԥуаҩ, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Геннади Онишьенко.
"Ауаа амра рҽарҭац азы быжь ҿыгҳарак ишьҭалароуп (Краснодартәи аҟәарақәа рыҟны - азгә.), еилкаауп уи ус аӡәгьы ишыҟаимҵо, аха уи иҳанаҳәоит ҳара ҳаҟны аԥсшьара зҭаху шырацәоу", - иҳәеит иара.
Аԥснытәи аҟәара иаҳа иманшәалоуп Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аасҭа ҳәа азгәеиҭеит Онишьенко.
"Ҳара ҳаҟны аҟәарақәа еиҳа иҿҟьарсҭақәоуп, Аԥсны бӷанҷроуп, ашьхақәа ыҟаӡам (иааигәаны - азгә.), уи иабзоураны аҳауа аҽаԥсахоит. Убри аҟнытә уи ахарахәара азутәуп, шәаргьы ҳаргьы ари ахырхарҭала аус аауроуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Онишьенко игәаанагарала, Аԥсны атуристтә усхк аҿиаразы мҽхакы ҭбаала ахатәы наплакҩцәа адкылатәуп, амилаҭтә реиԥш урыстәылатәиқәагьы.
"Амилаҭтә бизнес аҳасабала, аԥыжәара рыҭатәуп аинфраструктура аҿиаразы алагала ҟазҵарц зылшо урыстәылатәи аилакқәа, ахәыҷтәы ԥсшьара мацара акәымкәа, асанатор-курорттә налаҵаны. Ахьӡ-аԥша ду змаз, ҳзеиԥш ҳәынҭқарра анапхгаҩцәа рыԥсы ахьыршьоз акуррорттә ҭыԥқәа реиҭарҿиаразы аусурақәа мҩаԥгалатәуп", - иҳәеит Геннади Онишьенко.
Аҳауа бзиа, еиҭашьақәыргылоу аинфраструктура Аԥсны атуристтә хырхарҭа аҿиара алдыршоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0