АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аекономика аминистрраҟны иалацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара апроект амилаҭтә парк "Кәыдры аиҩхааи" Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки рҵакырақәа рҳәаа ашьақәырӷәӷәаразы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи рҵакы ӷәӷәоуп рацәак иуԥымло аҵиаақәа реиқәырхаразы. Амилаҭтә паркқәа рҵакырақәа рырҭбаара Аԥсны аԥсабара ахьчара алдыршоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Арҭ апаркқәа зҵакыраҿы иҟоу араионқәа рхадацәа, абнанхамҩақәа рхадацәа, аекологцәа алацәажәон амилаҭтә паркқәа рҵакырақәа рырҭбаареи ареспублика абнатә фонд еиҷаҳарыла ахархәареи.
Аилацәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рыдулан аӡбарақәа, ԥхьаҟа ари ақәҵара апроект аҿы иарбахо, Аԥсны аиҳабыра аӡбаразы ирыдгалахо.