Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукОзеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии
Озеро Рица в реликтовом национальном парке Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ихадоу аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭааразы 2014 шықәса раахыс абилеҭқәа рыхәқәа ԥсахрада иҟоуп, амилаҭтә парк аҭаларазы адуцәа рзы ахә - 350 мааҭ иаԥсан, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 500 мааҭ.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит, абри азы Адҵа кьыԥхьуп Аиҳабыра асаит аҟны.
Аӡбра азинмч аиуеит лаҵара 1 2022 шықәса инаркны.
Ақәҵара инақәыршәаны Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә 700 мааҭ иҟалоит, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы - 200 мааҭ, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа Риҵа аҭаара хәыдаԥсадоуп. Иара убас Риҵатәи апарк хәыдаԥсада иаҭаарц ҟалоит Аԥсны атәылауаа, иара убас иатәылауаам - урҭ 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуи 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьреи рветеранцәеи ахамыхәацәеи ракәзар.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭалара адуцәа ирызтәоит 700 мааҭ, аашықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы хәыдаԥсадоуп.
Озеро Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Аԥсны
Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи 22 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭааит
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааразы иазгәаҭоуп 200 мааҭ иаԥсоу альготатә билеҭ, уи рхы иадырхәыр алшоит Аԥсны атәылауаа аашықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи, аԥснытәи аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи ирҭоу астудентцәа, 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуи 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьреи рветеранцәеи ахамыхәацәеи, иара убас аррамаҵзура иахысуа.
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарреи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы 2014 шықәса раахыс абилеҭқәа рыхәқәа ԥсахрада иҟан, иҟаз ақәҵара инақәыршәаны, Риҵа аҭаларазы адуцәа рзы ахә 350 мааҭ иҟан, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 500 мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0