Аԥсны

Аԥснытәи ақалақьқәа хԥа урыстәылаа аԥсшьаразы еиҳа ирҭахны иалырхуа иреиуоуп

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru еилнакааит урыстәылаа аҳәаанырцәҟа аԥсшьараз сынтәа ицар ахьырҭаху.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Гагра, Аҟәа, Афон ҿыц урыстәылатәи атуристцәа еиҳа аԥсшьараз иалырхуа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа ирыҵаркит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Еиҳа иалыркаауа хә-тәылак хдыркәшоит белоруссиатәи Мински Витебски.

Атурмаҵзура адыррақәа рыла, Аԥсны аԥсшьара алшоит 2,4 - 3,2 нызқь мааҭ уахык азы ишәаны, Белоруссиа — 2 - 2,2 нызқь мааҭ.

Урыстәылаа арҭ атәылақәа рыҩбагь рахь инеир рылшоит ҵаҵӷәыда. Аԥсныҟа иаар ауеит Москвантә дәыӷбала ма ҳаирпланла Шәачанӡа, уантәи машьынала ма ӷбала.
Адунеи аҿтәи аҭагылазаашьақәа инарҿырԥшны аҩнуҵҟатәи атуризм аҽарҭбаауа иалагеит. Tvil.ru адыррала, ирацәаҩуп Даӷьсҭан, Калининградтәи аобласт, Владивосток, Ҭаҭарсҭан, Ленингради Москвеи робластқәа рҿы аԥсшьара зҭаху.
Сынтәа аԥсшьара ахә ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 13% рыла ишьҭыҵит. Аԥсшьара аамҭа акәзар, 10% илаҟәит. Убас, мчыбжьык аҩнуҵҟа хҩык рыԥсшьара 30 000 мааҭ итәоит.
Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсныҟа еиҳа иаар рҭахуп Египети Аемиратқәеи рахь аасҭа