Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсныҟа еиҳа иаар рҭахуп Египети Аемиратқәеи рахь аасҭа

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2022
Анапаҵаҩра
АТОР аналитикцәа 2022 шықәса аԥхынтәи амзақәа рзы атуроператорцәа рыҭирақәа рыстатистика ҭырҵааит.
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьараз еиҳа урыстәылаа иалыркаауа ахырхарҭақәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит, Египети Еиду Арабтәи Аемиратқәеи ираԥыган ҳәа аанацҳауеит АТОР.
Актәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла, аҩбатәи – Урыстәыла. Арҭ аҩтәылак аԥыжәара рымоуп агеополитикатә кризис иахҟьаны аԥхынтәи аԥсшьара агеографиа аковидаамҭатәии уаанӡатәи асезонқәеи ирҿырԥшны аҽшеиҭанакызгьы.
Аԥсны акурортқәа рҿы аԥсшьараз атур абжьаратә чек (амҩа аалхны) 50-60 нызқь мааҭ артәоит мчыбжьык азы, амҩа алаҵаны – 85 000 мааҭ раҟара.

"Ахырхарҭарацәатә туризми аҩнуҵҟатәи атуризми рҿы аус зуа атуроператорцәа жәпаҩык рҿы Аԥсны еиҳа азҿлымҳара змоу ахырхарҭақәа иреиуоуп (атуроператор "Дельфин" адыррала, Аԥсныҟа атурқәа 31% дыртәоит ахырхарҭақәа зегьы ааидкыланы рҟынтә)", – аҳәоит АТОР.

Сынтәатәи асезон аҿы аԥснытәи акурортқәа рахь уаанӡатәи асезонқәа ирыдкыланы аҿаҵарақәа ирыцлеит. Аобиект дуқәа рыҭирақәа ныркылахьеит.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2022
Аԥсны
Онишьенко Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рыплиажқәа еиҿирԥшит
Ажәабжьқәа зегьы
0