Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа 25 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аус ауеит 1997 шықәса раахыс, уажәтәи ахантәаҩы – Фатима Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа 25 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа шьақәгылеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы, аха иара ауаажәларреи аамҭеи рҭахрақәа ирықәшәон еснагь. Абри алшара рыбзоуроуп аӡбарҭа аветеранцәа", - ҳәа аҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбарҭатә системаҿ аҵак ду змоу, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рлахәылацәа рзинқәеи ринтересқәеи ахьчоит. Иара иҳәеит 25 шықәса рыҩнуҵҟа аӡбарҭа анапы иану аусқәа рынагӡаразы аԥышәа ду шаиуз, аӡбарақәа ҵаҵӷәыркны рыдкыларазы.
"Шәара шәус аҭакԥхықәра ду ацуп, адыррақәа аҭахуп. Аӡбаҩцәа рыпрофессионализм, робиективра Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭатә система зегь ааидкыланы изырӷәӷәо ԥхьаҟазы азакәан амаҵ азызуа, атәылаҿ азинеиҿкаара алзыршо акәны иҟоуп", - иҳәеит ахада.
Аԥсны ахада Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аколлектив ирзеиӷьеишьеит русураҿ ақәҿиарақәеи аманшәаларақәеи.