Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев урыстәылатәи ар еилаԥырххаазшәа имцу афильм ҭырхит

Иазырхиоу авидеоматериалқәа украинатәи ар мраҭашәаратәи абџьар "хра аманы" рхы иадырхәошәа аарԥшроуп изызку.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Великобританиа афинанстә цхыраарала Киев Николаевтәи аобласт аҿы иԥаршеиу асиужет ҭырхит – хыԥхьаӡарала акыр иеиҳаз аурыс ар ықәрыҵҟьазшәа ҳәа иҳәоит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Киев Мариуполи Донбасси иахьаҵахаз арԥшӡаразы Великобританиа ацхыраарала аҭыхрақәа еиҿнакааит мраҭашәаратәии украинатәии аудиториа ржьаразы", - иҳәеит Конашенков.

Аҭыхрақәа руак мҩаԥган лаҵара 28 рзы Николаевтәи аобласт, Мешковка аиланхарҭаҟны. Иазырхиоу авидеоматериалқәа украинатәи ар мраҭашәаратәи абџьар "хра аманы" рхы иадырхәошәа аарԥшроуп изызку.
"Аҭыхымҭа адраматизм ӷәӷәа аҵазарц азы британиатәи акураторцәа рыҵаҳәарала аҭыхырҭатә ҭыԥ аҿы иаԥҵан ахааназ ҭыԥ змамыз украинатәи ари хыԥхьаӡарала акыр урҭ иреиҳаз урыстәылатәи ари реибашьра "ареконструкциа"", - иҳәеит аинрал.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Кракени" "Азови" рҭыԥқәа ықәрыцҟьааит
Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи аруаа рроль нарыгӡон УАМ аҵакырахьчара арҟәшақәа, урыстәылатәи атрофеитә техника ахьрымам азы украинатәи БТРқәеи акәылӡмашьынақәеи ирықәтәаны.
Конашенков иҳәеит рашәара 5-6 рзгьы ишазԥхьагәаҭоу авидеороликқәа рҭыхра: урыстәылатәи аруаа ақалақьқәа ирылахысуеит ҳәа украинатәи аҭынч уааԥсыра иахьыддырҳәо аинтервиуқәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵахеит