Аԥсны

Аԥсны Абанк иҭнажьит Искандер иҩымҭақәа рфырхацәа ирызку аԥараҿырԥқәа фба

Фазиль Искандер еицырдыруа иҩымҭақәа рфырхацәа Аԥсны Абанк аԥараҿырпқәа ирнылеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны Абанк иҭнажьит "Искандер ифырхацәа" захьӡу агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа фба асериа "Аԥсны иналукааша ауаа" ала.
Аԥараҿырпқәа еиларҭәан 2019 шықәса рзы, ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы, урҭ раԥхьатәи рган ала игәылганы Фазиль Искандер ихаҿсахьа рнуп. Аԥараҿырпқәа агәҭаӡа 39 миллиметр иҟоуп, араӡны иалхуп.
Аԥараҿырпы "Изымҵаныҳәо аҵла" ахәԥса 100 ԥсарк иҟоуп, егьырҭ хәба - "Хабыгә", "Сандро Чагьамтәи", "Чик", "Ажьақәеи амаҭқәеи", "Алахьҟьаҟьа" - 10 ԥсарк иҟоуп.
1 / 7

Аԥсны Абанк иҭнажьит "Искандер ифырхацәа" захьӡу агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа фба асериа "Аԥсны иналукааша ауаа" ала.

2 / 7

Аԥараҿырпы "Изымҵаныҳәо аҵла", ахәԥса 100 ԥсарк иҟоуп.

3 / 7

Аԥараҿырпы "Хабыгә", ахәԥса - 10 ԥсарк.

4 / 7

Аԥараҿырпы "Сандро Чагьамтәи", ахәԥса - 10 ԥсарк.

5 / 7

Аԥараҿырпы "Чик", ахәԥса - 10 ԥсарк.

6 / 7

Аԥараҿырпы "Алахьҟьаҟьа", ахәԥса - 10 ԥсарк.

7 / 7

Аԥараҿырпы "Ажьақәеи амаҭқәеи", ахәԥса - 10 ԥсарк.

Аԥараҿырпқәа равтор — асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа. Рыцыԥхьаӡа хышә-хышә цыра ыҟоуп.
Хәы змоу аметаллқәа ирылху Аԥсны Абанк агәаларшәагатә аԥараҿырпқәа аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи иддырхәҳауеит ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа рҿы.
Аԥсны
Искандер ипремиа асиа ду Пушкин имш азы ирыларҳәоит