Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Искандер ипремиа асиа ду Пушкин имш азы ирыларҳәоит

Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса рзы ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы.
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә асиа ду иазку аусмҩаԥгатә ҟалоит 2022 шықәса рашәарамза 6 рзы, Пушкин имш азы ҳәа аҳәоит аиҿкааҩцәа рсаит.
Сынтәа фынтәуп аԥхьахә рыларҳәоижьҭеи.

"Ари аамҭазы лауреатцәаны иҟалеит еицырдыруа реиԥш, иқәыԥшу, ҿыц иалагаз апрозаикцәа, апоетцәа, адраматургцәа, асценаристцәа, аиҭагаҩцәа", - аҳәоит арелиз аҿы.

Сынтәа Искандер ихьӡ зху аԥхьахә атәыла ахада игрант аиуит, акультуратә ԥшьгамҭақәа Рфонд ацхыраара анаҭоит.
Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиура алшоит абарҭ аноминациақәа рҿы: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза", "Аиҭага". Аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахо шәкы-шәк нызқь мааҭ роуеит.
Ахьыӡҳәақәа зегь рҟны ашәҟәқәеи акьыԥхьымҭақәеи рыдыркылоит мшаԥы 19 инаркны лаҵара 30 рҟынӡа. Асиа кьаҿ рылаҳәахоит цәыббра алагамҭазы.
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса рзы.
Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0