Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин еиҭеиҳәеит Украинаҟа аракетатә системақәа рнагара ахҟьаԥҟьақәа ртәы

Америкатәи абџьар Украинаҟа иааргоит Украина арбџьармчқәа рырратә техника ахьырцәыӡуа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатә аштатқәа Украинаҟа ахара ихысуа аракетақәа наргало иалагар, Урыстәыла "алкаақәа ҟанаҵоит" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахада аканал "Россия 1" аҿы Павел Зарубин идырраҭара аинтервиу анеиҭоз.
Урыстәылатәи аган адыррала, Вашингтон гәҭакыс иамоуп зынаӡара 45-70 километра иҟоу аракетақәа рнагара.
"Урҭ нарго иалагар, ҳара алкаақәа ҟаҳҵоит, урҭ рықәхразы ашьаҿақәа ҳадаҳкылалоит, ҳара амч-алша ҳамоуп макьана ҳазлакьымсуа аобиектқәа рыҵҟьаразы", — иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Киевҟа абџьар анашьҭра хықәкыс иамоуп аимак аргәагәара, аамҭа аиҵыхра.
Уаанӡа ЕАА Киевҟа зныкҟьара еицхысуа аракетақәа рсистема HIMARS шнарго рҳәахьан, амала урҭ рыла Урыстәыла аҵакырахь ахысразы рхы иадмырхәозар, абри Украина ахада Владимир Зеленскигьы дақәшаҳаҭхахьан.