Аԥсны

Аслан Бжьаниа аԥсшьарантәи дхынҳәит

Аԥсны ахада абжьааԥнеиԥш инапынҵақәа рынагӡара дазыхынҳәит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Аслан Бжьаниа аԥсшьарантәи дхынҳәит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Иазгәаҭоуп, иара ашьыжь Ахада Иусбарҭа анапхгаҩцәеи, Аусбарҭақәа реиҳабацәеи злахәыз аилатәара шымҩаԥигаз.
Атәыла ахада ԥсшьара дыҟан хымчыбжь, лаҵарамза 16 раахыс.