Аԥсны

Аҟәа иаатит ақалақь ариаҵәараз ацәыргақәҵа

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа "Аҟәа. Ақалақь ариаҵәара. Анхарҭаҭыԥ" мҩаԥысит Аҟәа рашәара 7 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Ацәыргақәҵа мҩаԥысит Аԥсны уаанӡатәи аекономика аминистр, Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба иҩны, академик Марр имҩаду аҩны №26 аҭыӡҭыԥ ала.

"Сынтәа ԥшьышықәсоуп ацәыргақәҵа мҩаԥызгоижьҭеи, раԥхьаӡа акәны рҽаладырхәит Аԥсны Аҳәаахәҭра- ааглыхратә палата, даргьы ацхыраара сырҭоит. Ацәыргақәҵа ахықәкы – ҳақалақь иаланхо ауааԥсыра радԥхьалара, Аҟәа ҩаԥхьы ишәҭышу ицқьоу қалақьны аҟаҵаразы. Арахь исзааиуеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа, АИХқәа, дара ауааԥсыра адырԥхьалоит иахьынхо рҿаԥхьа аҭыԥқәа дрыцқьаларц идыршәҭышларц", - иҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Константин Ҭыжәба.

Константин Ҭыжәба игәараҿ иааӡоит хкы рацәала иблахкыгоу ашәҭқәа, иааиԥхьоит ақалақь ауааԥсыра даргьы иара иеиԥш рыкәша-мыкәша дырԥшӡарц.
1 / 5

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа Константин Ҭыжәба иҩны

2 / 5

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа Константин Ҭыжәба иҩны

3 / 5

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа Константин Ҭыжәба иҩны

4 / 5

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа Константин Ҭыжәба иҩны

5 / 5

Ашәҭқәа рцәыргақәҵа Константин Ҭыжәба иҩны

"Сара снапы злаку аус, ари ақалақь аиҳабыреи ауааԥсыреи иҟарҵо аҟәырҷаха ауп. Аха иагьа ус иҟазаргьы, сара сҽазысшәоит дарбан сасызаалак адунеи аҵыхәа аҟынтә акәзаргьы иаауазалак ҳаицәыԥхамшьартә", - иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа иаҭаауаз зегьы ҳамҭас ирырҭон ашәҭ аиҭаҳатә, ашәҭааӡараҿы ироуа абжьгарақәа рхархәараз.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгахоит ақалақь аҩнуҵҟа ариаҵәараз ацәыргақәҵа