Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥгахоит ақалақь аҩнуҵҟа ариаҵәараз ацәыргақәҵа

© Sputnik / Томас Тхайцук"Зеленый" дом Константина Тужба
Зеленый дом Константина Тужба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Анапаҵаҩра
Аусмҩаԥгатә иаҭаар рылшоит агәаҳәара змоу зегьы, ацәыргақәҵа аус ауеит асааҭ 17:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Ашәҭқәа рцәыргақәҵа "Аҟәа. Ақалақь ариаҵәара. Анхарҭаҭыԥ" мҩаԥгахоит Аҟәа рашәара 7 азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Константин Ҭыжәба.
Ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп, Аԥсны аҳҭнықалақь ицқьоу, ишәҭышу қалақьны аҟаҵара.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аԥсны уаанӡатәи аекономика аминистр, Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба иҩны, академик Марр имҩаду аҩны №26 аҭыӡҭыԥ ала.
Ишәҭышу абаҳча абара, ашәҭқәа рааӡара иаҵоу амаӡақәа реилкаара зҭаху алшара рымоуп ацәыргақәҵа аҭаара - асасцәа гәыԥ-гәыԥла инеиуеит 17:00, 18:00, 19:00 рзы.
Ацәыргақәҵа иаҭаауа зегьы ҳамҭас ирырҭоит ашәҭ аиҭаҳатә, ашәҭааӡараҿы ироуа абжьгарақәа рхархәараз.
Ажәабжьқәа зегьы
0