Аԥсны

Аԥсны урыстәылаа аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа ирыҵанакит

Аԥхынтәи аԥсшьараамҭа аҳәаанырцә ирхыргарц ргәы иҭоуп 13% урыстәылауаа, азҿлымҳара змоу аԥсшьара (58%) еиуоуп Урыстәыла аҩнуҵҟа аныҟәара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik. Аԥсны урыстәылаа аԥсшьаразы иалырхуа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа хԥа ирыҵанакит ҳәа аҩуеит РИА Новости "аҵәахырҭа "Хоум кредит" адыррақәа шьаҭас иганы.

Аԥсныҟа аԥхынразы ԥсшьара ицарц ргәы иҭоуп 15% изыҿцәажәаз рҟынтәи. Ҭырқәтәыла алырхит 54%, Египет- 22%.

Европатәи атәылақәа рахь ицоит 13%, Таиланд - 9%, Абжьаратәи Азиа - 6%, Белоруссиа - 5%, Венесуела - 4%, Израиль - 4%, Индиа - 3%, абас азгәаҭоуп аҭҵаараҟны.
Изыҿцәажәаз урыстәылауаа рыбжа 58% аԥхынтәи рыԥсшьараамҭа Урыстәыла аҩнуҵҟа аныҟәарақәа рыла ирхыргарц ргәы иҭоуп.
Аԥсны
Аԥсны аԥсшьара ахәқәа 25 процент рҟынӡа илаҟәит
Аԥхын ҩны (дача-аред.)аҟны аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа аҩбатәи аҭыԥаҿ игылоуп, уи азы 34% рыбжьы арҭеит. Рыуацәеи рҭынхацәеи рахь ацара ргәы иҭоуп 26%, аҳәаанырцәҟа ицоит 13%, 2% макьаназы ирыздыруам рыԥсшьара шырхырго.
Аҭҵаара мҩаԥган а́зҵаарақәа рыла лаҵарамза анҵәамҭазы 1003-ҩык рыбжьара, урҭ рахьынтә 451-ҩык ахацәа, 552-ҩык аҳәса 18 шықәса зхыҵуаз инадыркны.
Урыстәылатәи атурпораторцәа рассациациа адыррақәа рыла, сынтәатәи аԥхантәи аԥсшьараз аԥснытәи акурортқәа рахь уаанӡатәи аамҭақәа ирыдкыланы аҿаҵарақәа ирыцлеит. Аԥсшьарҭа ҭыԥ дуқәа рыҭирақәа ныркылахьеит.
Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсныҟа еиҳа иаар рҭахуп Египети Аемиратқәеи рахь аасҭа