Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Запорожиетәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп

Ареферендум амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵара иалагахьеит, уи мызқәак иадхалоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik. Запорожиетәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп, абри азы аӡбамҭа рыдыркылахьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Запорожиетәи аобласт арра-граждантә напхгара ахеилак хада алахәыла Владимир Рогов.
"Зегьы ҳаиқәшаҳаҭны Запорожиетәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум сынтәа амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагеит. Уи мызқәак ҳадхалоит. Ареферендум аҟны иқәыргылахо азҵаарақәа хара имгакәа ицәыраагоит. Ҳобласт иқәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык рыԥсадгьыл ду ахь ихынҳәыр, Урыстәыла иахәҭакхар рҭахуп", - иҳәеит Рогов РИА Новости аҿы.
Иара иажәақәа рыла, шаҟа заа ареферендум ҟало аҟара арегиони атәылауааи ирзеиӷьхоит.
"Иаку аурыс ҭаацәара ду ҳаланоуп ҳара иҳалоу зегьы аарԥшра анҳалшо: уаатәыҩсала, ааглыхрала, ԥсабарала. Урыстәыла - алшара дуқәа иртәылоуп", - иҳәеит Рогов.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Херсонтәи аобласт Урыстәыла алалара агәҭакуп
Аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласти Украина аладахьы иҟоу Запорожиетәи аобласт Азов иаԥну ахәҭеи рнапахьы иааргеит. Арегионқәа рҿы арра-граждантә напхгарақәа аԥҵоуп, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиостанциақәеи ддырбо иалагеит, Ҟрыми дареи рыбжьара ахәаахәҭратә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зых иақәиҭтәу аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иасубиектқәаны иҟаларц шырҭаху азы аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит.