Аԥсны

Арӡынба: жәларбжьаратәи ҳазхаҵара амҩа ҳанызаауеит

Иементәи ареспублика Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит рашәара 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба жәларбжьаратәи ахеидкылақәа рлахәылацәа ҳтәыла ахьыԥшымра азхарҵарц амҩа ҳанызаауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
"Ҳхәынҭқарра Жәларбжьаратәи ахьыԥшымра аиуразы амҩа ҳанызаауеит. Иементәи ареспублика ражәалагалазы иҭабуп. Ртәылаҟны аҭагылазашьа уадаҩуп. Ҳаизыразны иҳаӡбеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ашьаҭа аиҿкааразы аусурақәа ахьынӡацо ҳааԥшырц", - иҳәеит аминистр.
Арӡынба иазгәеиҭеит, Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа зыбжьам атәылақәеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа шцо. Урҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа алахәын лаҵара 31 Москва имҩаԥысуаз Аԥснытәи афорум. Уи ахықәкы ареспублика асоциал-економикатә лшара аӡыргареи аларҵәареи ауп.
Аԥсны
Иемен Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит
Рашәара 9 рзы Иементәи ареспублика Аԥсни иареи рхьыԥшымрақәа еицазхарҵарц, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵарц ажәалагала ҟанаҵеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Шьамтәыла иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Иажәақәа рыла, атәылаҟны уажәы аҭагылазаашьа уадаҩуп, аграждантә еибашьра цоит, аҭагылазаашьа анҭышәантәалалак ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аусура иалагоит.