Аԥсны

Киргизиа атәылауаҩҳәсақәа ааныркылеит Аҟәа анаркотикқәа рҭиуан ҳәа гәҩарас иҟаҵаны

Иаанкылаз аҳәса наҟ-наҟ анаркотикқәа раларҵәаразы 50-50 грамм иҟаз 107 еилаҳәара еиқәыршәаны ирыман.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Киргизиа атәылауаҩҳәсақәа ҩыџьа ааныркылеит анаркотикқәа аладырҵәоит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
25 шықәса зхыҵуа Атыргул Тагаибекова лгәаҭараан илыдырбалеит анаркотикатә маҭәашьара "Аметадон" згәылаз аилаҳәарақәа 34, 23 шықәса зхыҵуа Алтынаи Акбарали Кызы илыдырбалеит даҽа 30 еилаҳәара.
Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, аҭыԥҳацәа зышәагаа дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа аархәеит Гагра уи наҟ-наҟ Аҟәа аҭыԥ маӡақәа рҿы ишьҭаҵаны иаладырҵәарц.
Аҭиразы иазырхиаз аилаҳәарақәа 30, аилаҳәагақәа, аелектронтә капангақәа ԥшаан иаанкылоу аҭыԥҳацәа Аҟәа аамҭала иахьаангыло анхарҭаҿы, даҽа 13 еилаҳәара ԥшаан дара уаанӡа иахьаанрыжьхьаз, рхаҭақәа амилициаа иддырбаз аҭыԥ маӡақәа рҿы - Џьонуа, Коӷониа, Басариа, Иналиԥа, Калмыков, Март 4 амҩақәеи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи рҿы.
Киргизиа атәылауаҩҳәсақәа рганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт "в" ала иазԥхьагәаҭоу ашьаус хацыркуп. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа ишаӡбаз ала, агәҩара ззыҟоу аҭыԥҳацәа аамҭала ауаҩы иаанкыларҭаҿы инкылоуп. Ашьаусҭҵаара иацҵоуп.
Аԥсны
Аԥсны анаркотикқәа рыҭиразы гәҩарас ишьҭыхны гәыԥҩык аҳәаанырцәуаа аанкылоуп