Аԥсны

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа арҿиаразы апрограмма аусура иаладыргоит

Апрограмма хықәкыс иамоуп аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы аҭыԥантәи аалыҵ алшарақәа реизырҳара, ауааԥсыра рнапы зларкша аусура рзеиҿкаара, ақыҭанхамҩатә ҵакырақәа рырҿиара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Аҟәа араион ахадара ақыҭанхамҩа арҿиара иазырхоу ахықәкытә программа аусура иаланаргоит. Абри атәы аанацҳауеит ахадара асаит.

Апрограмма анагӡараз иазоужьуп быжь-миллион мааҭк араион абиуџьет аҟынтәи. Агрант аиуразы иқәыргылахо апроект азкызар ауеит абаҳчааӡара, акәтааӡарҭа ма ачааӡарҭа, Ԥсҳәы ақыҭан ҩ-гектарк адгьыл азырхианы акартош алаҵара.

Раԥхьа араион ахадара иаԥнаҵаз акомиссиа агрант азы иқәгылоу рарзаҳалқәа ирыхәаԥшуеит, анаҩс иалыркааз аԥара рзоурыжьуеит. Ари апрограмма алахәхаразы Аҟәа араион анхацәа арзаҳали апроект иаазыркьаҿу ахҳәааи наргароуп араион ахадарахь ԥхынгәы 18 рҟынӡа, акыршықәсатәи аҵиаақәа рааӡара акәзар ргәы иҭоу, мамзаргьы жьҭаара 1 аҟынӡа, акәтааӡарҭа ма ачааӡарҭа аиҿкаара ргәы иҭазар.
2021 шықәса рзы араион аҿы қәҿиарала аиԥш зеиԥшу апрограмма нарыгӡеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны жә-проектк нагӡан - амандарина, афеихоа, ахәырма, аголубика рааӡара иазку. Зынӡа х-нызқь шьапы еиҳаны ашәыр еиҭаҳан, хә-гектарк еиҳаны адгьыл аус адулан.
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра ахәаҷа-маҷа рықәгараз ауснагӡатәқәа ирзыхиоуп