Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақыҭанхамҩа аминистрра ахәаҷа-маҷа рықәгараз ауснагӡатәқәа ирзыхиоуп

© SputnikОрешник
Орешник  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭақәа рҿы ақыҭахамҩатә усурақәа рҽырзыҟарҵоит.
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Ақыҭанхамҩа аминистрра азыхиоуп ашәаԥыџьаԥ ирԥырхагоу ахәаҷа-маҷа рықәгараз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрра аҵиаақәа рыхьчараз амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.
Иара иажәақәа рыла аусбарҭа еиқәшәоуп аинсектицидқәеи афунгицидқәеи рыла.
"Ари аус мҩаԥызго амаҵзурақәа рус иазыхиоуп. Иаҭаху аинсектицидқәеи афунгицидқәеи рыла ҳаиқәшәоуп. Иахьазы 10 000 литра ахәшә аихшараз ихиоуп. Ари аҵакыра дуқәа рыхәшәтәра иазхоит", - иҳәеит Гериа.
Иара иазгәеиҭеит дарбанзаалак атәылауаҩ иҭаххар, ақыҭа ахадараҿы арҭ ахәшәқәа иоур шалшо.
"Аҵиаақәа рыхьчага ахәшә рыхә шьҭыҵуеит. Иҳамоуп аинсектицидқәа инацҵангьы, афунгицидқәа – 5 000 гектар арасаҭрақәа ирызхо роуп макьаназ иҟоу. Урҭ еихаҳшоит арасааӡарҭа раионқәа: Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь рҿы. Афунгицидқәа хара имгакәа еиҭаҳауеит", - иҳәеит иара.
Аҵиаақәа рыхьчараз амаҵзура аҟазауаа рмониторинг иаҳнарбоит сынтәагьы ишактуалу амармалташь пты, америкатәи аԥарԥалыкь, амҵәыжәҩа шкәакәа иҳәеит аҟазауаҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0