Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ДЖәР апарк арыцқьараан 200 мин еиҵырхит

Украина арратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи хымз ирықәуп, аруаа Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчареи Украина абџьархыхреи рзы рхықәкы нарыгӡоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Урыстәылатәи арбџьармчқәа анџьныртә ҟәшақәа 224 цыра арҭҟәацгақәа еиҵырхит Украина амилатҭә парк "Иԥшьоу ашьхақәа" арыцқьараан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Уажәтәи аамҭазы урыстәылатәи аруаа идрыцқьахьеит анхарҭа ҭыԥқәа Иароваиеи Студеноки, иԥшааны еиҵыхуп 224 цыра арҭҟәацгақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭанкԥжәагақәа 66", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Анхарҭа ҭыԥқәа Свиатогорск, Иароваиа, Студенок, Сосновое рҵакырақәа ррыцқьарақәа ирыцҵоуп.
Аракетақәа рыла иҭархан Днепртәи арратә аеродром аҟны игылоу УАМ иатәу авиациатә техника, еилаԥыырххаит аибашьыгатә техникеи акәылӡтәы машьынақәеи ирҽеины иахьеиҭашьақәдыргылоз Харьковтәи азауад, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, иршьаҟьеит аруааи арратә техника аргыларҭақәеи рраионқәа 27, украинатәи артиллериа ргыларҭақәа хәба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа ҩба, аџьаԥҳани абџьари рышьҭаҵарҭақәа хәба.
Аоператив-тактикатәи арратә авиациеи уахыки-ҽнаки рыла ЛЖәР аҵакыраҿы иеихсит аруааи арратә техникеи рраионқәа 46, иҭадырхеит 150-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, атанкқәа фба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Град" ҩ-цырак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аҳәаанырцәтә еибашьцәа разыҟаҵара ацентр еилаԥырххааит
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә хархәагақәа (ПВО) икарыжьит украинатәи аҳаирпланқәа Су-25, МиГ-29, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа хәба, аанкылара рылшеит "Точка-У" аракетақәа ԥшьба, "Ураган" ахыршәгақәа хԥа.
Аракетақәеи артиллериеи иреихсит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 62, ахысырҭаҭыԥқәа 138, аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 303 раион. Ахысрақәа ирыбзоураны иҭархан 300-ҩык инареиҳаны амилаҭеилыхыҩцәа, акәылӡтәы машьынақәа быжьба, зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа "Град" ҩ-цырак, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи хәба, иҷыдоу автомобилқәа 16, арратә техниказы абылтәыҵәахырҭақәеи 11.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина америкатәии норвегиатәии агаубицақәа ықәырхит