Агрԥҳа илҳәеит ауарӷан аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭарц хымчыбжьа раԥхьа аурыс ҟаза дшырҭаз.
"Ԥшьымш ирылагӡаны ауарӷан аус адиулеит, насгьы ахәшьара бзиа аиҭеит, уи ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Аконцерттә сезон ҳалагеит лаҵарамзы 22 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иқәгыларала. Традициала аконцертқәа амчыбжь азы хынтә имҩаԥаҳгоит. Ашәахьала иаҳзаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа. Урҭ дрыцықәгылоит Лука Гаделиа, аԥшьашеи амҽышеи ихатә концертқәа мҩаԥигоит рашәарамзазы. Аԥхын аҩбатәи амзазы аконцертқәа есҽны имҩаԥыслоит. Афилармониа асолистцәа ықәгылалоит сабшалагьы, аҩашеи, ахәашеи , амҽышеи ауарӷантә концертқәа. Есхаша иаҳзаауеит Аԥснытәи ахортә капелла, аԥшьашала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аоркестр. Ақәгыларақәа ҭагаланӡа имҩаԥыслоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Цәыббра аҩбатәи амчыбжь азы ауарӷантә фестиваль ала ихҳаркәшоит ақәгыларақәа", - лҳәеит Агрԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.