https://sputnik-abkhazia.info/20220611/agra-eialeit-pitsundati-auakhama-akontsertt-zal-synta-aususha-sheikaau-1039518535.html
Агрԥҳа еиҭалҳәеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал сынтәа аусушьа шеиҿкаау
Агрԥҳа еиҭалҳәеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал сынтәа аусушьа шеиҿкаау
Sputnik Аҧсны
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аиҳабы Гунда Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа аԥхын аамҭа ишазыҟаҵоу, ирҭаауа ирыдыргало аконцертқәа ртәы. 11.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-11T20:15+0300
2022-06-11T20:15+0300
2022-06-11T20:15+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0b/1039518628_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_ffdce75e12b3b1de9a617d920fb36c57.jpg
Агрԥҳа еиҭалҳәеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал сынтәа аусушьа шеиҿкаау
Sputnik Аҧсны
Агрԥҳа еиҭалҳәеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал сынтәа аусушьа шеиҿкаау
Агрԥҳа илҳәеит ауарӷан аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭарц хымчыбжьа раԥхьа аурыс ҟаза дшырҭаз."Ԥшьымш ирылагӡаны ауарӷан аус адиулеит, насгьы ахәшьара бзиа аиҭеит, уи ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Аконцерттә сезон ҳалагеит лаҵарамзы 22 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иқәгыларала. Традициала аконцертқәа амчыбжь азы хынтә имҩаԥаҳгоит. Ашәахьала иаҳзаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа. Урҭ дрыцықәгылоит Лука Гаделиа, аԥшьашеи амҽышеи ихатә концертқәа мҩаԥигоит рашәарамзазы. Аԥхын аҩбатәи амзазы аконцертқәа есҽны имҩаԥыслоит. Афилармониа асолистцәа ықәгылалоит сабшалагьы, аҩашеи, ахәашеи , амҽышеи ауарӷантә концертқәа. Есхаша иаҳзаауеит Аԥснытәи ахортә капелла, аԥшьашала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аоркестр. Ақәгыларақәа ҭагаланӡа имҩаԥыслоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Цәыббра аҩбатәи амчыбжь азы ауарӷантә фестиваль ала ихҳаркәшоит ақәгыларақәа", - лҳәеит Агрԥҳа.Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/0b/1039518628_223:0:2000:1333_1920x0_80_0_0_8596f6c4702c505ffdc9de0484926bee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Агрԥҳа еиҭалҳәеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал сынтәа аусушьа шеиҿкаау
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аиҳабы Гунда Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа аԥхын аамҭа ишазыҟаҵоу, ирҭаауа ирыдыргало аконцертқәа ртәы.
Агрԥҳа илҳәеит ауарӷан аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭарц хымчыбжьа раԥхьа аурыс ҟаза дшырҭаз.
"Ԥшьымш ирылагӡаны ауарӷан аус адиулеит, насгьы ахәшьара бзиа аиҭеит, уи ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Аконцерттә сезон ҳалагеит лаҵарамзы 22 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иқәгыларала. Традициала аконцертқәа амчыбжь азы хынтә имҩаԥаҳгоит. Ашәахьала иаҳзаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа. Урҭ дрыцықәгылоит Лука Гаделиа, аԥшьашеи амҽышеи ихатә концертқәа мҩаԥигоит рашәарамзазы. Аԥхын аҩбатәи амзазы аконцертқәа есҽны имҩаԥыслоит. Афилармониа асолистцәа ықәгылалоит сабшалагьы, аҩашеи, ахәашеи , амҽышеи ауарӷантә концертқәа. Есхаша иаҳзаауеит Аԥснытәи ахортә капелла, аԥшьашала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аоркестр. Ақәгыларақәа ҭагаланӡа имҩаԥыслоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Цәыббра аҩбатәи амчыбжь азы ауарӷантә фестиваль ала ихҳаркәшоит ақәгыларақәа", - лҳәеит Агрԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.