АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы урыстәылаа ҽаамҭанык еиԥшымкәа аидгылара аадырԥшыроуп иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Амш рыдныҳәало.
"Ҳтәылауаа зегьы ирыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш - ҳаԥсадгьыл иазку аҳәынҭқарратә ныҳәа. Ҳара ҳазгәыдууп ҳџьынџь аҭоурых, ԥхьаҟагьы аԥеиԥш лаша шамазаауа агәра ҳгоит. Ҳара иахьа еиҳагьы еилаҳкаауеит аидгылара, ажәҩахыреибыҭара ҷыдала ишаҭаху", - иҳәеит ахада Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз агәырӷьаратә еилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит шәышықәсала абиԥарақәа иаанрыжьуаз атрадициақәа, адоуҳатә беиарақәа шеишықәсала рҽырӷәӷәо ишааиуа Урыстәыла аҭоурых зегьы иагәылсны.
"Наџьнатә аахыс иҳамаз аидгылара, аԥсадгьыл абзиабара, уи азы ахымшаҭара, аҭакԥхықәра ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа еиқәырхо иаҳзааргон. Урҭ адоуҳатә традициақәа ирымоу амч закәу аадыруеит. Урҭ милаҭрацәала еилоу ҳажәлар еидыркылоит, ирыланааӡоит иԥшьоу апатриотизм ацәаҩақәа", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла Амш - ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, уи есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы, РСФСР Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.